Урыстәыла Одессеи Николаеви афымцатә обиектқәа ираахеит
Урыстәыла Одессеи Николаеви афымцатә обиектқәа ираахеит

Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла , Урыстәыла Одессеи Николаеви афымцатә обиектқәа ираахеит.  «Европеискаиа  правда» ишану ала, ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Иара убас, ажәылара амшала, афымцатәи атранспорттәи инфраструктуреи, анхарҭатә ҩнқәеи аҧхасҭа роуит.

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, Одессатәи атәылаҿацәаҿ украинаа аурыс 2 дронк  «Шахед» карыжьит,  Николаев 12 адронқәа иқәырхит. Одессаҿ украинатәи аруаа урыстәылатәи 2 ракетак иқәырхит, аха, ракетак аинфраструктуратә обиект иақәшәеит.

Украина Аштаб Хадаҿ ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аурыс аруаа Бахмуҭтәи ахырхарҭала ажәылара дырҕәҕәеит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла  29 ажәыларақәа мҩаҧыргеит.