Гаага, 44 ҳәынҭқаррақәа, урҭ рыгәҭа Қырҭтәылагьы,  Украина аҵакырадгьылаҿ урыстәылатәи ацәгьаурақәеи урыстәылатәи активқәеи реилыргаразы атрибунал ҷыда аҧҵара иазку адекларациа иадгылеит
Гаага, 44 ҳәынҭқаррақәа, урҭ рыгәҭа Қырҭтәылагьы,  Украина аҵакырадгьылаҿ урыстәылатәи ацәгьаурақәеи урыстәылатәи активқәеи реилыргаразы атрибунал ҷыда аҧҵара иазку адекларациа иадгылеит

Гаага имҩаҧгаз аконференциаҿы ирыдыркылаз адокумент хьӡыс иамоуп «Украинаҿ аиашара аиҭашьақәыргылара». Зыӡбахәы ҳәоу адокумент  Украина аҵакырадгьылаҿ урыстәылатәи ацәгьаурақәеи урыстәылатәи активқәеи реилыргаразы атрибунал ҷыда аҧҵара иазкуп.

Адекларациа рнапы аҵарҩит 44 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ рыгәҭа Америкеи, Британиа Дуи, Германтәылеи, Италиеи, Қырҭтәылеи. Зынӡа аконференциа иалахәын  57 ҳәынҭқаррақәа.

Адокумент знапы аҵазҩыз аганқәа  Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа ҕәҕәала иақәыӡбоит, дара иаҵшьны иазгәарҭеит уи жәларбжьаратәи аиаҿкаара аилагара шакәу.

Адекларациа здызкылаз атәылақәа рхаҭарнакцәа  ишьақәдырҕәҕәеит дара Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵара амзызла аусеицура ишазыхиоу.

Адекларациа аҩбатәи ахәҭа Украина иаиуз азарал ахарҭәаара иазкуп.  Адекларациа знапы аҵазҩыз атәылақәа ажәа шьҭарҵеит Урыстәыла Украинаҿ аибашьра иаҟәыҵны, Украина иаиуз азарал ханарҭәаанӡа,  дара риурисдикциаҿ иҟоу  урыстәылатәи активқәа шдырҵаауа азы.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба адекларациа знапы аҵазҩыз атәылақәа ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала,  атрибунал ҷыда аҧҵара рылшап ҳәа дгәыҕуеит.