Украина Германтәылантә даҽа система «Петриот» аиуеит
Украина Германтәылантә даҽа система «Петриот» аиуеит

Украина Германтәылантә даҽа система «Петриот» аиуеит, – иҳәеит Германтәыла Атәылахьчара аминистр Борис Писториус.

Германтәыла аканцлер Олаф Шольцгьы «Петриот» асистема аҭара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵан, ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла Украина адгылоит.

Германтәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, азениттә-ракетатә комплекс «Петриот» Украина арҭоит урыстәылатәи аҳауатә жәыларақәа рыҿагыларазы.