Мамука Мдинараӡе  – Аҧсадгьыли, абызшәеи, адини, атәыла европатәи аҧеиҧши иазҿлымҳау ауааҧсыра зегьы рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит уаҵәтәи аизара рхы аладырхәырц
Мамука Мдинараӡе  – Аҧсадгьыли, абызшәеи, адини, атәыла европатәи аҧеиҧши иазҿлымҳау ауааҧсыра зегьы рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит уаҵәтәи аизара рхы аладырхәырц

Уаҵәы ҳара жәларзегьтәи аизара мҩаҧаагоит, ҳгәы ишаанаго ала, зеиҧшҟамлац ала ирацәаны ауаа еизоит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аиҧылараҿы аиҳара алахәылацәа уаҵәтәи акциа иалацәажәеит.

«Аҧсадгьыли, абызшәеи, адини, атәыла европатәи аҧеиҧши иазҿлымҳау ауааҧсыра зегьы рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит уаҵәтәи аизара рхы аладырхәырц» –

иҳәеит  Мдинарадзе.

Уаҵәы  анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» , Қарҭ, Русҭавели имҩадуаҿ  ахатә адгылаҩцәа еизнагоит.