Амедиа – Израиль аиҳабыра ргәаанагарала, ҳазну амчыбжь азы Гаагатәи аӡбарҭа  апрокурор Карим Ҳан  Бениамин Нетаниаҳуи, Иоава Галантеи, Герц Ҳалевии рбаандаҩтәразы  аордер ҭижьыр ҟалап
Амедиа – Израиль аиҳабыра ргәаанагарала, ҳазну амчыбжь азы Гаагатәи аӡбарҭа  апрокурор Карим Ҳан  Бениамин Нетаниаҳуи, Иоава Галантеи, Герц Ҳалевии рбаандаҩтәразы  аордер ҭижьыр ҟалап

 

Израиль аиҳабыра ргәаанагарала, ҳазну амчыбжь азы Гаагатәи аӡбарҭа  апрокурор  Карим Ҳан Бениамин Нетаниаҳуи, Израиль атәылахьчара аминистр Иоава Галантеи, израильтәи ар аштаб анапхгаҩы Герц Ҳалевии рбаандаҩтәразы  аордер ҭижьыр ҟалап. Ари аинформациа аладырҵәеит израильтәи АИХқәа.

Израильтәи АИХқәак рдыррақәа рыла, жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Израиль аҧыза-министри егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи рбаандатәразы аордер ҭнамжьырц азыҳәан имҩаҧысуа адипломатиатә уснаӡатәқәа ирылахәып Америкагьы.

Аха, Гаагатәи аӡбарҭа аордер ҭнажьыр, Израиль жәларбжьаратәи астатус акырӡа еицәахоит.

Америкеи Израили Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Римтәи астатус знапы аҵазҩыз  124 ҳәынҭқаррақәа иреиум. Аибашьра иадҳәаланы Нетаниаҳу иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи аҳәамҭаҿы  иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Жәларбжьаратәи аӡбарҭа наҟ-наҟтәи ақәҵарақәа  «ишәарҭоу апрецедент» аҧырҵар шыҟало.