Америка икарыжьит китаитәи аҳаиртә ампыл дуӡӡа, Вашингтон ишырҳәаз ала, китаиаа ари ампыл рхы иадырхәон Америка аханы арратә обиектқәа рыцклаҧшразы
Америка икарыжьит китаитәи аҳаиртә ампыл дуӡӡа, Вашингтон ишырҳәаз ала, китаиаа ари ампыл рхы иадырхәон Америка аханы арратә обиектқәа рыцклаҧшразы

Америка икарыжьит китаитәи аҳаиртә ампыл дуӡӡа, Вашингтон ишырҳәаз ала, китаиаа ари ампыл рхы иадырхәон Америка аханы арратә обиектқәа рыцклаҧшразы.

Вашингтон ишьақәдырҕәҕәеит  аҳаиртә анырцәагақәа рыла Америка атерриториатә ӡқәа рханы  аҳаиртә ампыл дуӡӡа шкарыжьыз.

Уажәазы  аруаа икаҳаз ампыл ахәҭақәа реизгара иаҿуп.

„Аҳаиртә ампыл иазкны адырра сырҭеит ахашазы. Убри аҽныҵәҟьа Пентагон адҵа рысҭеит излауа ала ирласны ари ампыл карыжьырц.  Адгьылаҿ аӡәгьы ҧырхага имоурц азыҳәан, ампыл акажьра амшын аханы еиҕьуп ҳәа ирыҧхьаӡеит. Уи ҟазҵаз ҳаҧырҩцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп“, – иҳәеит Америка ахада Џьо Баиден.

Китаи аиҳабыра аҳаиртә ампыл аҧшыхәратә мзызқәа рзы рхы иадырхәон ҳәа аларҵәара зауз аинформациа мап ацәыркит, дара ишырҳәаз ала, уи ахырхарҭа зцәеилагаз аметеорологиатә аппаратын.

Китаи адәныҟатәи аусқәа рминистрра апротест ҟарҵеит Америка ала, амч ахархәарала,  атәылауаҩратә аҧырратә аппарат акажьра иадҳәаланы.

Америка аханы ицәырҵыз китаитәи аҳаиртә ампыл амшала, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Китаи имҩаҧигараны иҟаз ивизит хырҧоуп.