Америка ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф Москва даҭааит
Америка ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф Москва даҭааит

Америка ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф Москва даҭааит. Аҳаирбаҕәазаҿы  Уиткоф диҧылеит Урыстәыла ахада ихаҭарнак Кирил Дмитриев.

„Роитер“ адыррақәа рыла, иахьа Уиткоф Урыстәыла иҳаракӡоу ачынуаа дырҧылоит.

Дональд Трамп Украина аибашьра аҟәыҵразы Путин изышьақәиргылаз аультиматум аҿҳәара нҵәоит нанҳәа  8 рзы. Америка алидер иҳәамҭала,  Урыстәыла ари аультиматум нанамгӡар, асанкциа ҿыцқәа азышьақәиргылоит,  иара убас,  Урыстәыла ахәаахәҭратә партниорцәа  – 100%-тәи атарифқәа рзышьақәиргылоит.