Америка ацҳаражәҳәарҭа аинформациа инақәыршәаны,  изышьҭаз ҩыџьа ахаҿқәа Қырҭтәылантә  Америкаҟа аекстрадициа рызуп

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аинформациа инақәыршәаны,  Анаркотикқәа рыҿагыларазы аусбарҭа (DEA) ақәҵарала изышьҭаз ҩыџьа ахаҿқәа  Моҳаммад Иасини Ҳасан Абдул Раҳмани   Қырҭтәылантә  Америкаҟа аекстрадициа рызуп.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла, Иасин   Ливан иҟоу ацәгьауратә аиҿкаара данапхгаҩуп, адунеи зехьынџьара анаркотикқәа рыла ахәаахәҭҩцәа дрыцхраауеит.

2021 шықәса цәыббразы,  Акриминалтә полициа адепартамент хада ахаҭарнакцәа, Иасини Раҳмани Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы ааныркылеит.  2022 шықәса хәажәкыразы Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбара дара рекстрадициазы ақәҵара аднакылеит, раҧхьаӡа акәны,  DEA изышьҭаз ахаҿқәа Қырҭтәылантә аекстрадициа рызуп, — иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.