Америка Аиустициа адепартамент адыррала, Михаил Саакашвили иҭаацәара америкатә алобисттә еилахәыра  «Аккерман» азыршәеит  917 177 адоллар
Америка Аиустициа адепартамент адыррала, Михаил Саакашвили иҭаацәара америкатә алобисттә еилахәыра  «Аккерман» азыршәеит  917 177 адоллар

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иҭаацәара америкатә алобисттә еилахәыра  «Аккерман» азыршәеит  917 177 адоллар.  Ари аинформациа аланарҵәеит Америка Аиустициа адепартамент.

Америка Аиустициа адепартамент аофициалтә информациа инақәыршәаны,  аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра лнапы аҵалҩит  Гиули Аласаниа.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит  2022 шықәса ҧхынгәы азы,   ари аамҭа инаркны,  аилахәыра  «Аккерман»,  Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра азҵаарақәа рзы аиуристтә абжьагарақәа ҟанаҵоит.

Америка Аиустициа адепартамент аофициалтә информациа ишану ала,  адукат  Массимо Д’Анџьело Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭеи,  америкатә сенатор Џьин Шаҳин лофиси,  аглобалтә стратегиатә коммуникациақәа рзы аспециалист Кристофер Ҳарвини, Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ иҟоу Адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рзы абиуро амаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩи драцәажәахьеит.

Америка Аиустициа адепартамент адыррала,  аилахәыра «Аккерман» Михаил Саакашвили иус иадҳәалоу амедицинатәи егьырҭгьы амаҵзурақәа ирзоунашьҭхьеит   350 нызқь адоллар еиҳаны.