Америка Аҳәынҭқарратә департамент – Баиден иадминистрациа Америка ҧасатәи ачынуаа дуқәеи Лаврови реиҧылара иалахәымызт, избанзар, Украина ахаҭарнакцәа рылахәызаарада аибашьра аҟәыҵра азҵаара алацәажәара ҟалом   

Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭа инақәыршәаны, Баиден иадминистрациа Америка ҧасатәи ачынуаа дуқәеи Лаврови реиҧылара иалахәымызт, избанзар, рәгы ишаанаго ала, Украина ахаҭарнакцәа рылахәызаарада аибашьра аҟәыҵра азҵаара алацәажәара ҟалом.

АИХқәа рдыррақәа рыла, мшаҧы азы Америка ҧасатәи аофициалтә хаҿқәа Ниу-Иорк Сергеи Лавров иҧылеит.

Амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа аспикер Џьон  Кирби CBS News иеиҭаз аинтервиу аҿы ишиҳәаз ала, Аҩны шкәакәаҿ ирдыруан иофициалым адискуссиақәа шымҩаҧысуаз.

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп  абарҭ адискуссиақәа ҳара ҳшакәым иаҧшьазгаз, ҳара  изакәызаалак ак ала абарҭ адискуссиақәа ҳрыдгылом», — иҳәеит Кирби.