Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак – Кирбали ааигәара иҟалаз ауаҩшьра ҳақәыӡбоит, ари афакт Урыстәыла ала Қырҭтәылеи егьырҭ аҵакырадгьылқәеи рымпыҵахалара иахылҵит
Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак – Кирбали ааигәара иҟалаз ауаҩшьра ҳақәыӡбоит, ари афакт Урыстәыла ала Қырҭтәылеи егьырҭ аҵакырадгьылқәеи рымпыҵахалара иахылҵит

Ҳара Кирбали ааигәара иҟалаз ауаҩшьра ҳақәыӡбоит, – иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә департамент апресспикер ихаҭыҧуаҩ Ведант Пател.

Иара ишиҳәаз ала, ари афакт Урыстәыла ала Қырҭтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьыл ампыҵахалара иахылҵит.

„Уаанӡагьы иаҳҳәахьаз еиҭасҳәар сҭахуп,  ҳара Кирбали ааигәара иҟалаз ауаҩшьра ҳақәыӡбоит, ари афакт алагьы иубарҭоуп арбгара апроцесс шымҩаҧысуа, абри зегьы Урыстәыла ала Қырҭтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьыл ампыҵахалара иахылҵит. Ҳара ари апроцесс ацклаҧшра наҳагӡоит“, – иҳәеит Пател.

Кирбали ақыҭа иазааигәаны, импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури дыршьит, уи ицыз  даҽа тәылауаҩк закәандарала дааныркылеит.