Алхратә комиссиа хада – Жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ҧаршеизшәа уажәааны Европарламент иҟанаҵаз аҳәамҭақәа даараӡа ҳаргәамҵуеит  
Алхратә комиссиа хада – Жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ҧаршеизшәа уажәааны Европарламент иҟанаҵаз аҳәамҭақәа даараӡа ҳаргәамҵуеит  

Алхратә комиссиа хада иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы ишазгәаҭаз ала,  жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ҧаршеизшәа уажәааны Европарламент иҟанаҵаз аҳәамҭақәа даараӡа иаргәамҵуеит.

Алхратә комиссиа хада аҳәамҭа ишану ала, дара жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ирыдҳәаланы изныкымкәа аргама аҳәамҭақәа ҟаҵаны, иаҵшьны иаргәарҭеит  2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рдискридитациа иазку аҽазкрақәа изакәызаалак шьаҭак шрымам. Дара аларҵәара зауз аинформациа ҧаршеи иадҳәаланы жәларбжьаратәи ауаажәларра иаарту ашәҟәы рыздәықәырҵеит.

«Аилыркаарақәа шыҟаҳҵазгьы, уажәгьы ҵаҵгәыркыда ахарадҵарақәа ҳзықәдыргылоит. Уажәааны Европарламентгьы ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Алхратә администрациа ирзеилкаауам афактқәеи аргументқәеи рышьаҭала зхатә позициа аазырҧшыша аиҿкара абри аҩыза иобиективым аҳәамҭа аҟаҵара шалшо. Дара абарҭ аҳәамҭақәа  аконкреттә фактқәа ракәымкәа, асубуиективтә гәаанагарақәа рышьаҭала иҟарҵоит, арҭ аҳәамҭақәа аполитикатә ашьаҭа рымоуп, зыӡбахәы ҳәоу алхрақәа еиҿызкааз алхратә администрациа зқьҩыла аусзуҩцәа ахьымӡҕ ддыргоит, раҳаҭыр ладырҟәоит.

2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа аргама рцәыргара ашьҭахь, алхратә администрациа, иқәыргылаз ахарадҵарақәа обиективла рыҭҵаара аҳәарала,   апрокуратура иадҵаалт. Аха, зыӡбахәы ҳәоу ахарадҵарақәа шьақәзырҕәҕәаша ашаҳаҭгакгьы цәыргамызт.

Иара убас, Европарламент  абарҭ алхрақәа ирыдҳәаланы ОБСЕ иҟанаҵаз аихшьаала затәарымбо еилкаам. Жәларбжьаратәи анаҧшцәа иазгәарҭеит 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа иҳаракӡоу апрофессионалтә аҩаӡараҟны ишымҩаҧгаз, алхыҩцәа рҭахра шаадырҧшыз.  ОБСЕ анаҧшцәа реихшьаалаҿы абжьагарақәак ҟаҵоуп, уи уамашәа иубаратәы иҟам, уи атәылақәа рацәа рҿы имҩаҧысуа алхрақәа рзы иҟазшьарбагоуп. Аха, ОБСЕ аихшьаалаҿы алхрақәа ҧаршеиуп ҳәа ианым, алхрақәа рлегитимациа иадҳәаланы изакәызаалак гәҩарак иҟам.

Убри аҟынтә, алхратә администарциа Европарламент аҳәамҭа иахәаҧшуеит ахарадара апрезумпциа азинтә принцип аилагара аҳасабала. Амуниципалтә алхрақәа анааигәахо,  алхраҧхьатәи акампаниа анымҩаҧысуа аамҭазы, абри аҩыза аҳәамҭақәа алхратә процесс азы анырреи ари апроцессахь  агәрагара  армаҷреи аҽакра аҳасабала уахәаҧшыр ауеит.

Ҳара иашьашәалоу ахаҿқәа рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит: жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа шәанрылацәажәо, аҳәамҭақәа аныҟашәҵо, шәара ишәымоу аинформациа  алхратә администрациаҿы цқьа игәашәҭа.

Ҳара, аусеицуреи, аконструктивтә диалоги, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаланы иарту аимадареи ҳазыхиоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Facebook  аҿы Европарламент адаҟьаҿ уажәааны икьыҧхьыз аҳәамҭа ишану ала,  «зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа мҩаҧгахаанӡа, Европарламент Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара иазханаҵом, Евроеидгыла алалара апроцесс аанкылоуп».