Алхырҭақәа 92% рыҧхьаӡара ашьҭахь, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы заанаҵтәи адыррала рыла Реџьеп Таип Ердоҕан 49,76% абжьқәа иоуит, Кемал Кылычдар-оҕлу  -  44,49 %
Алхырҭақәа 92% рыҧхьаӡара ашьҭахь, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы заанаҵтәи адыррала рыла Реџьеп Таип Ердоҕан 49,76% абжьқәа иоуит, Кемал Кылычдар-оҕлу  -  44,49 %

«Haberturk» адыррала, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа  рҿы алхырҭақәа  92% иҧхьаӡоуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Реџьеп Таип Ердоҕан 49,76% абжьқәа иоуит, аоппозициатә кандидат Кемал Кылычдар-оҕлу  –  44,49 %,  Синан Оган — 5,30%.

Акандидатцәа рҟынтә аӡәгьы  50 наӡына еиҳаны абжьқәа имоур, алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧгахоит.

Апарламенттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара амоуп Ердоҕан ипариа  «Жәлартә алианс», ари апартиа иадгылеит  50,11%,   34,76%-ла аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп аоппозициатә «Амилаҭтә алианс», ахҧатәи аҭыҧаҿ  – «Армарахьтәи мчқәа ралианс». Апарламенттә алхрақәа рҿы иҧхьаӡоуп  87,53% алхырҭақәа.