АИХқәа рхақәиҭра акаолициа иалоу 14 ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа  Мзиа Амаҕлобели илыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит
АИХқәа рхақәиҭра акаолициа иалоу 14 ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа  Мзиа Амаҕлобели илыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит

АИХқәа рхақәиҭра акаолициа иалоу 14 ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа  Мзиа Амаҕлобели илыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа ари аҳәамҭа асоциалтә аҳаҿы аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, акаолициа иалоу 14 ҳәынҭқаррақәа «Баҭумелеби»-и Нетгазеҭи»-и ашьаҭакҩы  Мзиа  Амаҕлобели лҭагылазаашьа даараӡа иаргәамҵуеит.

«АИХқәа рхақәиҭра акаолициа алахәылацәа  19 мшы амлашьра иаҿу Мзиа Амаҕлобели лҭагылазаашьа даараӡа иаргәамҵуеит. Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар ишиҳәаз еиҧш, лара ҵаҵгәыркыда заанаҵтәи абаандаҩтәра лықәырҵеит. Уи Қырҭтәылаҿ ажурналистцәа рыршәара аганахьала узыргәамҵша ҿырҧштәуп.

Иара убас, адемонстрантцәа рганахьала асистематә мчыларазы полицаикгьы аусура дамхым, аҭакҧхықәра идым, уигьы даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аполициа аган аҟынтә имцхәны амч  ахархәара зхызгаз ажурналистцәа рзинқәа еиқәдыршәарц », — иануп аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит  Австриеи, Чехиеи, Даниеи, Естониеи, Франциеи, Германтәылеи, Латвиеи, Литвеи, Нидерланди, Норвегиеи, Швециеи, Швеицариеи, Британи дуи,  Украинеи рыцҳаражәҳәарҭақәа.