Аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи мчқәа Донецктәи аобласт Славианск ақалақь абомбақәа ақәрыжьит, иҭахеит жәҩык
Аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи мчқәа Донецктәи аобласт Славианск ақалақь абомбақәа ақәрыжьит, иҭахеит жәҩык

Урыстәылатәи мчқәа Донецктәи аобласт Славианск ақалақь абомбақәа ақәрыжьит, иҭахеит жәҩык. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Абомбақәыжьраан иҭахаз дреиуп ҩышықәса зхыҵа ахәыҷы. Ахәрақәа роуит 20-ҩык иреиҳаны.

Украинатәи аган аинформациа ала, аурысцәа Славианск ахырхарҭала ирышьҭит “С-300” атмп змоу аракетақәа бжьба, урҭ рҟынтә фракетак аҩнқәа ираахеит. Аԥхасҭа аиуит аҩнеихагыларацәа, хәыҩнык, ашкол, административтә хыбра, адәқьан, атәылауаҩратә инфраструктура егьырҭ аобиектқәа.