Аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Украина Никополи Херсони абомбақәа рыларыжьит
Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Украина Никополи Херсони абомбақәа рыларыжьит. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс аруаа Херсон аминаршәагақәа рыла алахысуан, ажәылара аԥсыҭбарақәа ацуп – дҭахеит 80 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Ампыҵахалаҩцәа Зерсонтәи аобласт аҿы аԥырҩы дызмам аҳаирпланқәеи арратә авиациеи рыла абомбақәа 50-нтә ақәрыжьит.
Днепропетровссктәи арегион иаҵанакәа Никополь ақалақь абомбақәыжьра амшала аԥхасҭа роуит аҩнқәеи афымцалашаратә цәаҳәақәеи.
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла аурыс аруаа Украина арратә позициақәеи атәылауаҩратә обиектқәеи абомбақә 28-нтә ақәрыжьит, аицтҟьаратә абџьар ала 10-нтә ихысит.