АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Одесса Владимир Зеленски икортеж аракета агәыдҵара аҽазкра ҟалеит
АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Одесса Владимир Зеленски икортеж аракета агәыдҵара аҽазкра ҟалеит

Бырзентәылатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Одесса Украина ахада Владимир Зеленски икортеж аракета агәыдҵара  аҽазкра ҟалеит.

Абырзен журналистцәа ишырҩуа ала,  ари аинцидент ҟалеит Бырзентәыла аҧыза-министр Кириакос Мицотаки Одесса даныҟаз аамҭазы. Украинатәи ахыҵхырҭақәа ари аинцидент иалацәажәом.

Бырзентәылатәи ахыҵхырҭақәа рдыррақәа рыла, аҧжәара ҟалеит Зеленски икортеж бырзентәылатәи аделегациа рааигәара ианыҟаз аамҭазы. Аҭыжьымҭа адыррала, бырзентәылатәи аделегациа алахәылацәа акгьы рмыхьит.

Бырзентәыла аҧыза-министри Украина ахадеи реиҿцәажәара иалагаанӡа Одесса аҧжәара ҟалеит. Арегионаҿ аракетатә жәылара ашәарҭара рылаҳәоуп.