АИХ адыррақәа рыла, Владимир Путин даниацәажәа ашьҭахь  Еммануель Макрон   «ҳаҧхьаҟа аҭагылазаашьа иаҳа еицәахоит» ҳәа игәы иаанагоит
АИХ адыррақәа рыла, Владимир Путин даниацәажәа ашьҭахь  Еммануель Макрон   «ҳаҧхьаҟа аҭагылазаашьа иаҳа еицәахоит» ҳәа игәы иаанагоит

Владимир Путин даниацәажәа ашьҭахь  Франциа ахада Еммануель Макрон ишиҳәаз ала, Путин ишеибгоу Украина зегьы ампыҵахалара игәы иҭоуп,   «ҳаҧхьаҟа аҭагылазаашьа иаҳа еицәахоит». Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит афранцыз хыҵхырҭақәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

АИХ адыррақәа рыла, аҭелтә аиҿцәажәараан Урыстәыла ахада Макрон иеиҳәеит:   «аурыс ар аоперациа мҩаҧыргоит Москва аплан инақәыршәаны».  Путин иажәақәа рыла, украинаа иара иқәиргылаз аҳәарақәа ирықәшаҳаҭымхар, аҭагылазаашьа иаҳа еицәахоит.

Иара убас, АИХ адыррақәа рыла, Путин ишьақәирҕәҕәеит Украина  «аденационализациа» игәы ишҭоу.

Путин инарҭбааны Макрон изеиҭеиҳәеит иара иқәиргылаз аҳәарақәа ирызкны: «раҧхьа иргыланы, Украина адемилитаризациеи анеитралтә статуси, Украина аҟынтә Урыстәылазы хаангьы шәарҭарак иҟамзарц азыҳәан».

Ишдыру ала, Макрон зны Путин диацәажәеит, анеҩс, украинатәи алидер Владимир Зеленски дизасит.