Аилахәыра  Majid Al Futtaim анагӡаратә директор  -  2025 шықәсанӡа Қырҭтәыла ҩынтә еиҳаны аҧара алаҳҵар ҳҭахуп
Аилахәыра  Majid Al Futtaim анагӡаратә директор  -  2025 шықәсанӡа Қырҭтәыла ҩынтә еиҳаны аҧара алаҳҵар ҳҭахуп

Аилахәыра  Majid Al Futtaim анагӡаратә директор  Ҳани Ваис асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы иареи Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии  реиҧылара дахцәажәеит.

Ҳани Ваис ишазгәеиҭаз ала,  ари аилахәыра абизнес арҿиареи арҭбареи иазҿлымҳауп,  убри аҟынтә,  уажәазы Қырҭтәыла иалаҵоу акапитал  2025 шықәсанӡа ҩынтә аизырҳара ргәы иҭоуп.

«Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны,  иахьа шьыжьымҭан,  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили сиҧылеит. Ҳара  абизнес арҿиареи арҭбареи ацхраара наҳагӡоит,  убри аҟынтә,  уажәазы Қырҭтәыла иалаҵоу акапитал  2025 шықәсанӡа ҩынтә аизырҳара ҳгәы иҭоуп”, — иазгәеиҭеит Ҳани Ваис.