Аиҳабыра радминистрациа аҧхьа  Михаил Саакашвили идгыларатә акциа мҩаҧысуеит
Аиҳабыра радминистрациа аҧхьа  Михаил Саакашвили идгыларатә акциа мҩаҧысуеит

Михаил Саакашвили идгылаҩцәеи иҭаацәара алахәылацәеи аиҳабыра радминистрациа аҧхьа акциа мҩаҧыргоит.

Акциа алахәылацәа рыхәҭак Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра иаҳәоит,  егьырҭ – Саакашвили аҽыхәшәтәразы  аҳәааныцәҟа идәықәҵара иаҳәоит.

„Ҳара уаҩҧсык иҧсҭазаара аиқәыршәара ҳаҳәоит.  „Вивамед“ аҳақьымцәа ҳраҭабууп, аха, иара деиҕьымхеит, цәгьала дыҟоуп“, – илҳәеит Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа.

Акциаҿ иҟоуп аоппозициатә партиақәа аҭарнакцәагьы.

„Еиуеиҧшым аексперттә аихшьаалақәа рҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп иара Қырҭтәыла ихәышәтәра алшара шыҟам, аҳәаанырцәҟа дышгатәу. Иванишвили ихылаҧшара аҵаҟа иҟоу аӡбаҩ абарҭ аихшьаалақәа дрыхәаҧшуеит, нас, аҳамҭа игоит, убри анеҩс, Саакашвили игәы бзиоуп ҳәа ақәҵара идикылоит“, – иҳәеит „Амилаҭтә ҵысра“ ахантәаҩы Ника Мелиа.

Аиҳабыра радминистрациа аҧхьа еизаз ауааҧсыра ишырҳәаз ала, иахьатәи акциа агәҽанҵаратә ҟазшьа амоуп, мчыбжьык аҩныҵҟала аиҳабыра Саакашвили ахәышәтәразы аҳәаанырцәҟа идәықәҵаразы аӡбара рыдрымкылар, еиҧҟьарада апротесттә акциақәа мҩаҧыргоит.