Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Лаҵарамзазы Қырҭтәыла Украина адгыларатә резолиуциа аҽаланархәхьеит, Қырҭтәыла  ҳаҧхьаҟагьы жәларбжьаратәи аиҿкарақәа рҿы Украина адгылара нанагӡоит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Лаҵарамзазы Қырҭтәыла Украина адгыларатә резолиуциа аҽаланархәхьеит, Қырҭтәыла  ҳаҧхьаҟагьы жәларбжьаратәи аиҿкарақәа рҿы Украина адгылара нанагӡоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина Урыстәыла иаҿагыланы ЕАР жәларбжьаратәи аӡбарҭашҟа  иаланаҵаз ашшыҧхьыӡ иахцәажәеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала,  Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиҿкарақәа зегьы рҿы Украина иадгылоит, ари азҵаарагьы иадҳәаланы.

«Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиҿкарақәа зегьы рҿы Украина иадгылоит, ари азҵаарагьы иадҳәаланы.   Лаҵарамзазы Қырҭтәыла Украина адгыларатә резолиуциа аҽаланархәхьеит.  Абри аконкреттә хҭыс абжьааҧнытә аусуратә процессуп, Қырҭтәыла ари апроцесс иалахәызар алшоит  ахҧатәи аган ҳасабала, иашьашәалоу аҧхықәра ахы иадҵаны.  Қырҭтәыла, иара ахаҭагьы, Урыстәыла иаҿагыланы, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа ашшыҧхьыӡқәа рыланаҵахьеит, убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу аҧхықәрақәа рыдкылара Қырҭтәыла ахаҭа имҩаҧнаго апроцессқәа ирҧырхагахар ауеит. Қырҭтәыла, ҳаҧхьаҟагьы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рҿы Украина иадгылоит», — ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Евроеидгылеи, Америкеи, егьырҭ  40 ҳәынҭқаррақәеи еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы арҭ аҳәынҭқаррқәа Украина иадгыланы, ари атәыла ажәылареи жәларбжьаратәи зин анормақәа реилагареи азы  Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵара азҵаара иқәдыргылоит. Иара убас, аҳәамҭаҿы арҭ атәылақәа иаҵшьны иазгәарҭеит ЕАР Жәларбжьартәи аӡбарҭаҿы Урыстәыла иаҿагыланы аусеилыргара ишақәшаҳаҭу.