Реџьеп Таип Ердоҕан - Ҭырқәтәыла НАТО алаларазы Финлиандиа иҟанаҵаз азыҳәамҭа иазыразуп, аха, Швециа иҟанаҵаз аҳәара иақәшаҳаҭым
Реџьеп Таип Ердоҕан - Ҭырқәтәыла НАТО алаларазы Финлиандиа иҟанаҵаз азыҳәамҭа иазыразуп, аха, Швециа иҟанаҵаз аҳәара иақәшаҳаҭым

«Ҭырқәтәыла НАТО алаларазы Финлиандиа иҟанаҵаз азыҳәамҭа иазыразуп, аха, Швециа иҟанаҵаз аҳәара иақәшаҳаҭым», — иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан  Анкара, апарламентаҿ ипартиа алахәылацәа данырҧылоз.

Ердоҕан иҳәамҭала, НАТО алаларазы Швециа Аҟәырҟәан ҽакала иазныҟәо иалагароуп.

«НАТО арҭбаара иадҳәалоу ахҭысқәа ҳахшыҩ азышьҭны ҳрыцклаҧшуеит.   Ҳҩыра цқьа  —  Аҟәарҟан  аҧжәареи абылреи ахьынӡанарыгӡо,  рзинхьчаҩцәа уи иаҿагыланы акгьы ахьынӡаҟарымҵо, ҳара НАТО ахь ралаларазы  «ааи» ҳҳәараны ҳаҟам. Ҳара Финлиандиа  алалара ҳазыразуп, Швециа алалара ҳақәшаҳаҭым», — иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада.