Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 14 185-ҩык, 379-ҩык иԥсит
Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 14 185-ҩык, 379-ҩык иԥсит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 14 185 афакт ҿыцқәа аарҧшын,  иԥсит  379-ҩык.

Иахьазы атәылаҿ 265 000-ҩык ачмазаҩуп.

Апандемиа иалагеижьҭеи иахьанӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан  5 236 000-ҩык иреиханы, 4 818 000-ҩык иреиҳаны ачымазара иалҵхьеит.

Акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵхьеит  127 180 -ҩык.