Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Харьковтәи атәылаҿацә 17 анхарҭатә пунктқәа ирылахысит, ауаа ҭахеит, ахәрақәа зауз иҟоуп  
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Харьковтәи атәылаҿацә 17 анхарҭатә пунктқәа ирылахысит, ауаа ҭахеит, ахәрақәа зауз иҟоуп  

Украина анапхгара рдыррақәа рыла,  аҵыхтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Харьковтәи атәылаҿацә 17 анхарҭатә пунктқәа ирылахысит, ауаа ҭахеит, ахәрақәа зауз иҟоуп.

Харьковтәи арратә округ администрациа аиҳабы  Олег Синогубов иҳәамҭала, иакымкәа аҩнқәа амца рыцралеит,   49 шықәса зхыҵуаз ахаҵа дҭахеит,  ахәрақәа зауз иреиуп зықәрахь инеихьоу аҳәса.

Украина аҳаиртә мчқәа рдыррақәа рыла,  иаха Урыстәыла Украина аҵакырадгьыл иажәылеит 24 адронқәа рыла,  украинаа  урҭ рҟынтә 23  дронқәа карыжьит.

Иара убас, Украина ахада ишиҳәаз ала, украинатә аруаа урыстәылатәи анырҵәага  Су-25 карыжьит.