Жозеп Боррель – Урыстәыла, Украина ауааҧсыра ирҿагыланы, гәымбылџьбаратә ажәыларақәа нанагӡоит, уи аҵыхәа ҧҵәатәуп
Жозеп Боррель – Урыстәыла, Украина ауааҧсыра ирҿагыланы, гәымбылџьбаратә ажәыларақәа нанагӡоит, уи аҵыхәа ҧҵәатәуп

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель  Урыстәыла ала Украина ажәылара дахцәажәеит.

«Урыстәыла, Украина ауааҧсыра ирҿагыланы, гәымбылџьбаратә ажәыларақәа нанагӡоит: ҵхыбжьон, адронқәа рыла, аенергетикатә инфраструктура иажәылеит, жәаҩыла ауаа ҭахеит,  ахәрақәа роуит,  Запорожтәи АЕС ашәарҭара иҭагылоуп. Абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп! Изхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра агара рықәшәоит», — иҩит Боррель асоциалтә аҳаҿы.

Иаха Урыстәыла, Украина аенергосистемазы ажәылара дуӡӡа нанагӡеит. Иҟоу аинформациа инақәыршәаны, аурыс арбџьармчқәа еиуеиҧшым аенергообиектқәа ираахеит. ДнепроГЕС аҧхасҭа ду аиуит.