Урыстәыла Львовтәи атәылаҿацә азы имҩаҧнагаз аракетатә жәылара амшала аҭынчуаа ҭахеит
Урыстәыла Львовтәи атәылаҿацә азы имҩаҧнагаз аракетатә жәылара амшала аҭынчуаа ҭахеит

Урыстәыла Львовтәи атәылаҿацә азы имҩаҧнагаз аракетатә жәылара амшала аҭынчуаа ҭахеит. Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла , урыстәылатәи арбџьармчқәа Львов административтә хыбреи зҵакы дуу аинфраструктуратә обиектқәеи иқәырхит.

Украинатәи АИХқәа ишырыҩуа ала,  уажәы аиқәырхаҩцәа ахыжәжәарақәа рыҵаҟа иаанхаз ауаа реиқәырхара иаҿуп.

Аамҭакала,  Урыстәыла,  Одессатәи Херсонтәи атәылаҿацәқәа рхырхарҭала зымҽхак дуу ажәылара иалагеит.

Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла,  урыстәылатәи ар  Одесса аенергетикатә инфраструктуре Херсон ақыҭанхамҩатә обиектқәеи ираахеит. Аурыс аруааа адронқәеи,  абаллистикатә ракетақәеи,  атактикатә авиациеи рхы иадырхәоит.