Нуца Бузалаӡе Евровизиа афинал аҿы дыҟоуп
Нуца Бузалаӡе Евровизиа афинал аҿы дыҟоуп

Қырҭтәыла ахаҭарнак  Нуца Бузалаӡе Евровизиа афинал аҿы дыҟоуп.

Швециа, Малме ақалақьаҿ имҩаԥысуа Евровизиа аконкурс аҿы Нуца Бузалаӡе  11-тәи аномерс дықәгылан, ашәа Firefighter налыгӡеит.

Ахәаԥшцәа рыӡбарала, афинао ахь ииасит: Латвиа, Австриа, Нидерланды, Норвегиа, Израиль, Бырзентәыла, естониа, Щвеицариа, Шәамахьтәыла, Қырҭтәыла. Аконкурсантцәа рԥеиԥш ажиури акәым, ахәаԥшцәа рыӡбоит.

Афинал аҿы иқәгылоит 26 тәылақәа рхаҭарнакцәа.

Лаҵара 11 рзы Евровизиа 2024 ишиашоу атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы ижәбоит.