«Евровизиа» ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс мҩаҧыргоит Лиза Циклаурии Давиҭ Аладашвилии
Ҧхынҷкәын 13 рзы Қырҭтәыла имҩаҧысуа «Евровизиа» ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс мҩаҧыргоит Лиза Циклаурии Давиҭ Аладашвилии.
Лиза Циклаури – Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿы аинформациатә программақәа рымҩаҧгаҩс аус луеит. Акыршықәса ирылагӡаны еиуеиҧшым зҵакы дуу жәларбжьаратәи аусмҩаҧгатәқәеи аконцертқәеи ателепрограммақәеи мҩаҧылгахьеит.
Давиҭ Аладашвили – дпианиступ, аха, уи адагьы, Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ ателепроект «Ранина» мҩаҧигоит.
Қырҭтәыла аконкурс «Ахәыҷтәы Евровизиа» иҩынтә имҩаҧысуеит. Раҧхьаӡа атәылаҿ ари аконкурс мҩаҧган 2017 шықәсазы.
2025 шықәсатәи аконкурс рхы аладырхәоит 9 шықәса инаркны 14 шықәсанӡа зхыҵуа ашәаҳәаҩцәа адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә.
«Ахәыҷтәы Евровизиа 2025» мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 13, асааҭ 20:00 рзы, Қарҭ Аолимпиатә аханаҿ.
Ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара ала.