Жәлар рыхьчаҩ Мзиа Амаҕлобели илыдаргало амедицинатә маҵзура иахьынӡаиашо аилкааразы аҳақьымцәа ргәыҧ еиҿикааит
Жәлар рыхьчаҩ апенитенциартә усбарҭеи еиуеиҧшым аклиникақәеи рҿы Мзиа Амаҕлобели илыдаргало амедицинатә маҵзура иахьынӡаиашо аилкааразы аҳақьымцәа ргәыҧ еиҿикааит.
Ари атәы аарыцҳаит Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аҟынтәи.
Аинформациа ишану ала, аҳақьымцәа ргәыҧ еиҿкаан Мзиа Амаҕлобели лхаҭарнакцәа иалырхыз акандидатцәа рыла.
«Хара имгакәа аҳақьымцәа Мзиа Амаҕлобели дырбоит, лмедицинатә документациа ҭырҵаауеит. Анеҩс, аҳасабырбеи абжьагарақәеи ирмазеины, Жәлар рыхьчаҩ изцәырыргоит. Убри ашьаҭала, Жәлар рыхьчаҩ анеҩстәи ашьаҿақәа ҟаиҵоит.
Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп – Жәлар рыхьчаҩ имандат ала абаандаҩцәа рхәышәтәра иазҧхьагәаҭам. Жәлар рыхьчаҩ иааиҧхьаз аспециалистцәагьы азинмчқәа рымам, — иануп Жәлар рыхьчаҩ иаппарат иаланарҵәаз аинформациаҿы.