Жәлар рыхьчаҩ – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурахьы ааҧхьара ҟаҳҵоит ахара зду Леван Хабеишвилии Мурҭаз Зоделавеи ринтересқәа зыхьчо адукатцәа зыҧшра ҟамҵакәа дара рахь инарышьҭырц
«Адукатцәа Қырҭтәыла аомбудсмен ирҭаз аинформациа инақәыршәаны, Леван Хабеишвилии Мурҭаз Зоделавеи иааныркылеижьҭеи сааҭқәак ҵуеит, аха, адукатцәа уажәгьы рбара алшара рырҭом», — иануп Қырҭтәыла аомбудсмен иҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ахьчара азин Қырҭтәыла азакәан ала еиқәыршәоуп, аусеилыргаратә органқәа ари азин амҩаҧгара иаҧырхагамхароуп.
«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурахьы ааҧхьара ҟаҳҵоит ахара зду Леван Хабеишвилии Мурҭаз Зоделавеи ринтересқәа зыхьчо адукатцәа зыҧшра ҟамҵакәа дара рахь инарышьҭырц», — иануп аҳәамҭаҿы.