Жәлар рыхьчаҩ Аусԥшааратә маҵзура ҷыда ахь ааԥхьара ҟаиҵоит иахьатәи афактқәа ирыдҳәаланы аусԥшаара иалагарц, ахара зду ахаҿқәа ашьауӷа иақәдыршәарц
Жәлар рыхьчаҩ Аусԥшааратә маҵзура ҷыда ахь ааԥхьара ҟаиҵоит иахьатәи афактқәа ирыдҳәаланы аусԥшаара иалагарц, ахара зду ахаҿқәа ашьауӷа иақәдыршәарц

Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани аполициа ахаҭарнакцәа “ишахәҭам ала рызныҟәареи амчхара аиҳаратәреи” ирыдҳәаланы аҳәамҭа алаирҵәоит.

Жәлар рыхьчаҩ иажәақәа рыла, иаарту ахыҵхырҭақәа рҿы аларҵәара зауз, авидеонҵамҭақәа рҿы иубарҭоу атәылауаа, ажурналистцәа, аполитикцәа ишахәҭам ала рызныҟәареи амчхара аиҳаратәреи рфактқәа ирыдҳәаланы агәҭынчымра аариԥшуеит.

“Ателеканал “Пирвели” аоператор изкны адыррақәа аларҵәара роуит. Иара убас ҳара иаҳбеит аполициа аусзуҩцәа аҳәса, иара убас аҳәса-политикцәа раҳаҭыр шыладырҟәоз.

Жәлар рыхьчаҩ Аусԥшааратә маҵзура ҷыда ахь ааԥхьара ҟаиҵоит иахьатәи афактқәа ирыдҳәаланы аусԥшаара иалагарц, ахара зду ахаҿқәа ашьауӷа иақәдыршәарц, иара убас АҩАР ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, иԥхашьароу ахымҩаԥгашьеи, ахьымӡӷргаратә жәақәа рхархәареи рзы аполициа аусзуҩцәа рганахьала амаҵуратә усԥшаара мҩаԥнагарц.

Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакцәа иаанкылоу атәылауаа зегь ирҭаауеит. Иацҵаны адыррақәа ажәлар ирыҭахоит ԥыҭрамҭаак ашьҭахь”, – иануп Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.