Жәлар рыхьчаҩ – Ҳаппарат лаҵара 22 рзы иаанкылаз ауаа ирыдҳәаланы азинтә ақәҿыҭра аҟаҵаразы аусеилыргаратә маҵзура иадҵааит, ҳара аиашара ашьақәыргылара ахылаҧшра наҳагӡоит
Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакцәа лаҵара 22 рзы Қарҭ, ақалақьтә аӡбара иаҧну аҵакырадгьылаҿ, административтә ҧҟарала иаанкылаз ҩыџьа ауааҧсыра рбеит.
Жәлар рыхьчаҩ иаппарат адыррала, иаанкылоу ауаа аполицаицәа рыла амч ахархәареи гәымбылџьбарала рызныҟәареи иазкны аарыцҳаит.
„Руаӡәы ицәеижь аҿы ашәытақәеи аҵәҟьарақәеи убарҭоуп. Жәлар рыхьчаҩ иаппарат, гәымбылџьбарала азныҟәара афакт ақәҿыҭра амзызла, аусеилыргаратә маҵзура ҷыда иадҵаалахьеит. Ҳара аиашара ашьақәыргылара ахылаҧшра наҳагӡоит. Азинқәа реилагара иазку аинформациа ҳашәҭар шәылшоит Жәлар рыхьчар иаппарат Ацәаҳәа ҷыда ала, аномерла – 1481“, – иануп аинформациаҿы.