Жәлар рыхьчаҩ  алхраҧхьатәи апроцессқәа ирылахәу аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵоит  ииашоу аҭынчратә алхрақәа еиқәзыршәаша алхратә лагылазаара аиҿкаараҿы рхатә алагала ҟарҵарц
Жәлар рыхьчаҩ  алхраҧхьатәи апроцессқәа ирылахәу аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵоит  ииашоу аҭынчратә алхрақәа еиқәзыршәаша алхратә лагылазаара аиҿкаараҿы рхатә алагала ҟарҵарц

«Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩи Алхратә комиссиа хадеи, аихьыҧшым 2 институтк раҳасабала,   алхраҧхьатәи апроцессқәа ирылахәу аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵоит  ииашоу аҭынчратә алхрақәа еиқәзыршәаша алхратә лагылазаара аиҿкаараҿы рхатә алагала ҟарҵарц», — иануп Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, алхраҧхьатәи апроцесс иалахәу ауаа рықәлареи рдискриминациеи алхратә лагылазаареи ауаажәларратә агәрагареи  иаҧырхагоуп.

«Нанҳәа 5 рзы Қырҭтәыла ахада аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа жьҭаара 4 рзы ишымҩаҧысуа рылеиҳәеит. Алхраҧхьатәи аамҭа ҳҭагылоуп.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы алхраҧхьатәи аамҭазы аполиаризациа ҕәҕәа иҟан, убри аҟынтә, Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩи Алхратә комиссиа хадеи, аихьыҧшым 2 институтк раҳасабала,   алхраҧхьатәи апроцессқәа ирылахәу аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵоит  ииашоу аҭынчратә алхрақәа еиқәзыршәаша алхратә лагылазаара аиҿкаараҿы рхатә алагала ҟарҵарц. Уи адемократиатә уаажәларра ашьақәыргыларазы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Алхраҧхьатәи апроцесс иалахәу ауаа рықәлареи рдискриминациеи алхратә лагылазаареи ауаажәларратә агәрагареи  иаҧырхагоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, алидерцәа зегьы, аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи, акандидатцәеи, урҭ рыдгылаҩцәеи аполитикатә ҭакҧхықәра дуи атәылауаҩратә ҭакҧхықәреи аарҧшны,  амчылареи аҕатә бызшәеи ахьыҟам аплиуралисттә алхратә кампаниа амҩаҧгара иацхраароуп.