Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Реџьеп Таип Ердоҕан, аҩбатәи аҭыҧаҿ дгылоуп Қеман Қиличдароҕлу  
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Реџьеп Таип Ердоҕан, аҩбатәи аҭыҧаҿ дгылоуп Қеман Қиличдароҕлу  

„Ҳаберҭурқ“ адыррала,  заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Реџьеп Таип Ердоҕан, иара абжьқәа 57, 46% иоуит, 36,66 %-ла аҩбатәи аҭыҧаҿ дгылоуп Қеман Қиличдароҕлу.

Амедиа адыррала, уажәазы иҧхьаӡоуп абжьқәа  14 наӡына еиҳаны.

Апарламенттә алхрақәа рҿы заанаҵтәи адыррақәа рыла 67,01 %-ла аҧхьагылара амоуп  апартиа – Ердоҕан  „Жәлартә алианс“, 22,30%-ла аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит Аоппозициатә амилаҭтә алианс.

Ҭырқәтәыла Иреиҳаӡоу алхратә комиссиа алхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа раларҵәаразы амедиазы  ишьақәнаргылаз  аҧкра аҧыхуп.