Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура Михаил Саакашвили ихатә информациа аргаматәра азакәанра аҭҵаара иалагеит
Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура Михаил Саакашвили ихатә информациа аргаматәра азакәанра аҭҵаара иалагеит

Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура Михаил Саакашвили ихатә информациа аргаматәра азакәанра аҭҵаара иалагеит.

Аусбарҭа адыррала, ари аус Қырҭтәыла Апенитенциатә усбарҭа ҷыда иахьа иаланарҵәаз авидеонҵамҭақәа ирыдҳәалоуп, уаҟа Михаил Саакашвили ахәышәтәырҭаҿ иҟазаара арбоуп.

Аинформациа инақәыршәаны, Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура  аусеилыргара иалагеит ахатә инициативала, иахьа авидеонҵамҭа аналадырҵәа ашьҭахьҵәҟьа.

«Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура 2022 шықәса ҧхынҷкәын 14 рзы  иҟаҵаз  авидеонҵамҭақәа раларҵәара азакәанра аҭҵаара иаҿуп, уаҟа Михаил Саакашвили ахәышәтәырҭаҿ иҟазаара арбоуп. Аҵыхәтәантәи аӡбара адкыларазы иаҭаху ауснагӡатәқәа зегьы мҩаҧысуеит», — иануп адырраҿы.

Иахьа Апенитенциартә маҵзура ҷыда аланарҵәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ахәышәтәырҭаҿ иҟазаара аазырҧшуа авидеонҵамҭа ҿыцқәа.