Хара ихысуа аракетақәа  «Таурус»  ҭзыжьуа аилахәыра украинатәи аруаа разыҟаҵара иазыхиоуп
Хара ихысуа аракетақәа  «Таурус»  ҭзыжьуа аилахәыра украинатәи аруаа разыҟаҵара иазыхиоуп

Амҵәыжәҩатә ракетақәа  «Таурус» ҭзыжьуа германтәылатәи аилахәыра  украинатәи аруаа разыҟаҵара иазыхиоуп,  дара рхала арҭ аракетақәа рхархәара рылшарц азыҳәан. Аилахәыра  MBDA Deutschland анапхгаҩы ари атәы ааицҳаит Бавариа,   аилахәыра аофисаҿ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

«Арҭ аракетақәа зхы иазырхәо атәылақәа рҟынтә ауаа,  лымкаала украинаа разыҟаҵара ҳазыхиоуп,   дара рхала арҭ аракетақәа рхарәхара рылшарц азыҳәан», — иҳәеит  Томас Готшильд.

Зыӡбахәы ҳәоу аконференциаҿы иқәгылаз Бавариа аҧыза-министр Маркус Зедер Германтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит амҵәыжәҩатә ракетақәа «Таурус» Украина иарҭарц.

Уаанӡа Германтәыла аканцлер ишиҳәаз ала,  аракетақәа  «Таурус» Украина иарҭом, избанзар, украинаа рхала, анемец аруаа рыда, арҭ аракетақәа рхархәара рылшом. Олаф Шольц игәаанагарала, убри амшала Берлин  украинатәи аимак аҽаланагалар ауеит.