Урыстәылатәи ахатәы арратә еилахәыра "Вагнер" анапхгаҩы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы мап икит
Урыстәылатәи ахатәы арратә еилахәыра "Вагнер" анапхгаҩы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы мап икит

Урыстәылатәи ахатәы арратә еилахәыра “Вагнер” анапхгаҩы Евгени Пригожин ишиҳәаз ала,  иара  Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩуам.

Ари аинформациа аланарҵәеит «Анемец ацәқәырҧа» аурыс редакциа.

Уаанӡа,  Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адҵа ҟанаҵеит Урыстәыла ашәҟәы иҭаҩу  «ахатәгәаҧхаралатәи аотриадқәа» зегьы ҧхынгәы 1-нӡа Атәылахьчара аминистрраҟны аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.

«Вагнера» анапхгаҩы ишиҳәаз ала,  иара иқәҧаҩцәа ари адҵа рыдкьыслом. Пригожин иажәақәа рыла,   «Вагнер» Урыстәыла аинтересқәеи Иреиҳаӡоу ар рҧыза идҵақәеи ирықәныҟәоит,  ауранагӡара нарыгӡоит аинрал Сергеи  Суровикин иҟны еиқәшаҳаҭрала.