Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра  - Иаха, ажьырныҳәа 12 рзы,  Соледар, ишеибгоу урыстәылатәи амчқәа рнапахьы ииасит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра  - Иаха, ажьырныҳәа 12 рзы,  Соледар, ишеибгоу урыстәылатәи амчқәа рнапахьы ииасит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра  адыррала, иаха, ажьырныҳәа 12 рзы,  украинатәи ақалақь Соледар, ишеибгоу урыстәылатәи амчқәа рнапахьы ииасит.

Аминистрра аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, Соледар агара абзоурала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Баҳмут игылоу украинатәи арратә хәҭақәа аибыҭара злароуа амҩақәа рыхҵәареи уаҟа иаанханы иҟоу украинатәи арратә хәҭақәа рыкәшареи рылшоит.

Украина атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Анна Малиар иахьа шьыжьымҭан ишаалыцҳаз ала, иаха шаанӡа Соледар ихьанҭаӡоу ақәҧара мҩаҧысуан, украинатәи ақәҧаҩцәа, афырхаҵара ду аарҧшны, ақалақь ахьчара нарыгӡоит.

Иара убас, Аибашьра аҭҵаара аинститут аналитикцәа ишазгәарҭаз ала,  Соледар ақалақь аиҳара урыстәылатәи ампыҵахалаҩцәа рнапаҿы иҟоуп, дара ишеибгоу ақалақь зегьы ргахьазар ҟалап.