Урыстәыла арра-амшынтә флот аҕбақәа Омантәи аӡыбжьахала Аравиатәи амшынаҿ имҩаҧысуа азыҟаҵарақәа рҽалархәразы Џьамтәылаҟа  инеит
Урыстәыла арра-амшынтә флот аҕбақәа Омантәи аӡыбжьахала Аравиатәи амшынаҿ имҩаҧысуа азыҟаҵарақәа рҽалархәразы Џьамтәылаҟа  инеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала,  Урыстәыла арра-амшынтә флот аҕбақәа Омантәи аӡыбжьахала Аравиатәи амшынаҿ имҩаҧысуа азыҟаҵарақәа рҽалархәразы Џьамтәылаҟа  инеит.

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә АИХқәа ишаарыцҳаз ала,   Урыстәылеи Џьамтәылеи инарывагыланы,  «Ашәарҭадара амшынтә маҟа  — 2024» захьӡу арратә амшынтә азыҟаҵарақәа ирылахәып   Китагьы, анаҧшцәа раҳасабала иқәгылоит Пакистани,  Казахстани,  Азербаиџьани,  Омани,  Индиеи,  Аладатәи Африкатә Республикеи арра-амшынтә мчқәа рхаҭарнакцәа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп амшынтә економикатә усура ашәарҭадара аиқәыршәаразы аҽазыҟаҵара.