Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра – Британиа Ду Амшынтә мчқәа рыхәҭақәа  Балтиатәи амшынаҿ иҟалаз атерракт аиҿкаареи анагӡареи иалахәын
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра – Британиа Ду Амшынтә мчқәа рыхәҭақәа  Балтиатәи амшынаҿ иҟалаз атерракт аиҿкаареи анагӡареи иалахәын

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Британиа Ду ахаранаҵоит Балтиатәи амшынаҿ иҟалаз атерракт аиҿкаареи анагӡареи.

«Британиа Ду Амшынтә мчқәа рыхәҭақәа  цәыббра 26 рзы Балтиатәи амшынаҿ иҟалаз атерракт аиҿкаареи анагӡареи иалахәын», — иануп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.

Лондон  ишырҳәаз ала, ари ахарадҵара –  «зымҽхак дуу амцҳәароуп». Британиа Ду Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа рҳәамҭала,  абри аҩыза иҵаҵгәыркым ахарадҵарақәа рыла, Урыстәыла анапхгара  «закәандарала Украина ажәылара иахылҵыз акатастрофатә алҵшәақәа рҟынтә даҽа зҵаарақәак рахь жәларбжьаратәи хзыҩзышьҭра ииаргар рҭахуп».