Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра – Амшын еиқәаҿы украинатәи амшынтә 5 дронк урыстәылатәи аҕба иажәылеит
«Амшын еиқәаҿы украинатәи амшынтә 5 дронк урыстәылатәи аҕба иажәылеит», — иануп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.
Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррала, украинатәи арратә мчқәа ажәылара рҽазыркит ашырҧаз асааҭ 5 рзы. Аекипаж ахьыҟам 5 катерк иқәхын аштаттә аҕбатә бџьарла.
Иара убас, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, аурыс арбџьармчқәа Ҟрым аханы 11 дронқәа карыжьит.