Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, аепикаж дызмам  украинатәи  акатерқәа урыстәылатәи аҧшыхәратә аҕба иажәылеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, аепикаж дызмам  украинатәи  акатерқәа урыстәылатәи аҧшыхәратә аҕба иажәылеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, аепикаж дызмам  украинатәи  акатерқәа,  140 километр рыла Босфор иазааигәаны  урыстәылатәи аҧшыхәратә аҕба «Иван Хурс»  иажәылеит.

Аусбарҭа адыррала, ажәылара иалахәын 3 катерк. Аофициалтә хаҭарнак Игорь Конашенков иҳәамҭала,  «урыстәылатәи аҕба аҿагылаҩ икатерқәа зегьы иқәнахит».

Урыстәылатәи аган ринформациа инқәыршәаны,  Амшынеиқәатәи афлот иаҵанакәа аҕба агазмҩангага ашәарҭадара аиқәыршәара иазкыз аҳасабтә нанагӡон.

Украина арбџьармчқәа рҿы ари аинформациа иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟарымҵацт.