Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Харьковтәи атәылаҿацә иалахысит, иҭахаз иҟоуп
Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Харьковтәи атәылаҿацә иалахысит, иҭахаз иҟоуп

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Харьковтәи атәылаҿацә иалахысит, иҭахази ахәрақәа заузи  иҟоуп.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, ҩ-авиабомбак анхарҭатә пункт  Курианск иаларыжьит, уаҟа ҩыџьа иҭахеит, ҧшьҩык ахәрақәа роуит.

Донбасс активтә ақәҧара инагӡоит. Украина Арбџьармчқәа рштаб хада адыррала, аурысцәа  Донецки Лугански ишеибгоу рымпыҵахалара рҽазыркит. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Донбасс   30 раҟара арратә аиҿагыларақәа ҟалеит.

Убри аамҭазы, украинатәи авиациа аурыс аруаа ахьгылоу аҭыҧқәа  15-нтә абомбақәа рыларыжьит, иара убас, азенит-ракетатә 2 комплекск иқәырхит.