Урыстәылатәи амедиа адыррақәа рыла, аурыс арбџьармчқәа азауад «Азовсталь» аҿы украинатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит
Урыстәылатәи амедиа адыррақәа рыла, аурыс арбџьармчқәа азауад «Азовсталь» аҿы украинатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит

Урыстәылатәи АИХ адыррақәа рыла,  аурыс арбџьармчқәа азауад «Азовсталь» аҿы украинатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит. Урыстәылатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит абригада  «Восток»  анапхгаҩы Алеқсандр Ходарковски иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Ателеканал  «Россиа 1» ишиашо ицо аефир аҿы  Ходарковски ишиҳәаз ала, жәҩык украинатәи асолдаҭцәа, абираҟ шкәакәа кны,  «Азовсталь» атуннель иҭыҵит.

«Ишеилкаахаз ала, ҧыҭҩык ҳофицарцәа, абираҟ шкәакәа кны атуннель иҭыҵыз агәыҧ рыманы, аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы атуннель иҭалеит. Ари апроцесс иахылҵуа макьана иҳаздыруам», — иҳәеит  Ходарковски.