Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, иахьа  Владимир Путин  Аслан Бжьаниа диҧылоит
Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, иахьа  Владимир Путин  Аслан Бжьаниа диҧылоит

Иахьа  Владимир Путин  импыҵахалоу Аҧсы де-факто алидер Аслан Бжьаниа диҧылоит.

Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа  «еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак русеицура арҭбаара иалацәажәоит».

Агентра  «ТАСС» ишаанацҳаз ала, иацы  Аслан Бжьаниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диҧылеит. Урыстәылатәи АИХқәа ишырыҩуа ала, изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза аиҭашьақәыргылара азҵаарагьы.

АИХқәа рдыррақәа рыла,  импыҵахалоу Аҧсны алидер Аслан Бжьаниа Лавров иеиҳәеит Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы Урыстәыла дшадгыло.