Урыстәылаҟа мчыла адепортациа зызуз ахәыҷқәа рыхәҭак Украинаҟа ихынҳәит
Урыстәылаҟа мчыла адепортациа зызуз ахәыҷқәа рыхәҭак Украинаҟа ихынҳәит

Закәандарала Урыстәылаҟа ииагаз 31ҩык украинатәи ахәыҷқәа рҭаацәа ирзыхынҳәуп. Уи еиҧш алшара ҟалеит агәыҳалалратә аиҿкаара «Еиқәҳархап Украина» абзоурала. Ахәыҷқәа Украинаҟа идырхынҳәит Беларус иалганы.

Ахәыҷқәа руаӡәы ишиҳәаз ала, дара  «аҧстәқәа реиҧш ирызныҟәон», шәҭаацәа шәырбар рҭахым ҳәа рарҳәон.

Аибашьра ианалага инаркны урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украинантә мчыла Урыстәылаҟа ииаргеит  16 нызқьҩык ахәыҷқәа.

Иҳаҩсыз амзазы Гаагатәи Жәларбжьаратәи аӡбарҭа Путин ибаандаҩтәразы аордер ҭнажьит закәандарала ахәыҷқәа рдепортациеи арратә ацәгьаурақәеи азыҳәан.