Беқа Одишариа украинатәи ахәыҷқәа дырԥылеит
Беқа Одишариа украинатәи ахәыҷқәа дырԥылеит

Адиаспореи Кавказ азҵаарақәеи ркомитет ахантәаҩы Беқа Одишариа аибашьра амзызла аԥхасҭа зауз 30-ҩык рҟынӡа украинатәи ахҵәацәа идикылеит. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәоуп. Ахәыҷқәеи рхылаԥшҩцәеи Ирпени Бучеи, Херсони, аладатәи Одессеи рҟынтә иқәҵит.

Жәамш ирылагӡаны украинатәи ахәыҷқәеи рхылаԥшҩцәеи Қырҭтәыла арегионқәа ирҭаауеит, ақырҭуа культуреи, аҭоурыхи аетнографиеи рҷыдарақәа зеиԥшроу еилыркаауеит.

Асасцәа Қырҭтәыла апарламент иаҭааны, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии апарламент алахәылацәеи ирԥылоит.

Иахьа украинатәи аруаа рыхшареи, зықәранаҿам ахәыҷқәеи рҭаацәеи Мцхеҭа аҭыԥ ҷыдақәа рахь инеит. Урҭ ирыцын Адиаспореи Кавказ азҵаарақәеи ркомитет ахантәаҩы Беқа Одишариеи Одессаҿ иҟоу Қырҭтәыла аконсул хада Торнике Берекашвилии.