Баҭымтәи 20-тәи абжьаратә школ аҿы аукраин сектор аартуп
Баҭымтәи 20-тәи абжьаратә школ аҿы аукраин сектор аартуп

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иӡбамҭа инақәыршәаны, Баҭымтәи 20-тәи абжьаратә школ аҿы аукраин сектор аартын, украинатәи аҵаҩцәа рхатәы бызшәала аҵара аиура рылшоит, – аарыцҳаит Аҵара аминистрра аҟынтә.

Баҭым, аукраин сектор аҿы аҵара нарыгӡоит 100-ҩык аҵаҩцәа. Сынтәа, ашықәс анҵәамҭанӡа аукраин сектор аҿы аҵара рҵоит  I-IV аклассқәа ирҭо аҵаҩцәа.

Баҭымтәи 20-тәи абжьаратә школ аҿы аукраин сектор иҭоу аҵаҩцәа апрограммала иазыԥхьагәаҭоу амаҭәарқәа рыда, афакультативтә маҭәарқәагьы ирҵоит. Иара убас аукраин хәыҷқәа ирҵоит ақырҭуа бызшәеи алитературеи, амаҭәари “Ҳара ҳқырҭтәыла”.

Аҵара аминистрра аинформациа ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбамҭа инақәыршәаны, Украина аибашьра амзызла рысадгьыл иқәҵыз ахәыҷқәа Қырҭтәыла ашколқәа рҿы имариоу аҵасла иҭалоит. Иахьазы Қарҭи арегионқәеи рҿы аҵара рҵоит 800-ҩык украинатәи ашколхәыҷқәа.