Кахабер Гванцелаӡе Қырҭтәыла иҟоу  украинатәи ахәыҷқәа рҭаацәа  дара рхылҵ қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа рҭаҵара зларылшо аҭагылазаашьақәа дрыхцәажәеит  
Кахабер Гванцелаӡе Қырҭтәыла иҟоу  украинатәи ахәыҷқәа рҭаацәа  дара рхылҵ қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа рҭаҵара зларылшо аҭагылазаашьақәа дрыхцәажәеит  

Қарҭтәи Ахәыҷбаҳчарақәа рхылаҧшра агентра анапхгаҩы  Кахабер  Гванцелаӡе иҳәамҭала,  Қырҭтәыла иҟоу  украинатә хәыҷқәа рҭаацәа уажәшьҭа дара  рхылҵ қарҭтәи аҳәынҭқарратә хәыҷбаҳчақәа   ирҭарҵар рылшоит.

«Иахьа инаркны ахәыҷқәа қарҭтәи аҳәынҭқарратә хәыҷбаҳчақәа рахь инаргар рылшоит. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент аҿҳәара ҳәаақәҵам», — иҳәеит  Кахабер Гванцелаӡе.

Иара иҳәамҭала, аҭаацәа, иашьашәалоу арзаҳал ала, Қарҭтәи Ахәыҷбаҳчақәа рхылаҧшра агентра иадҵаалароуп. Дара аҳәаа ахысра иазку адокументқәеи, ахәыҷы ихаҭара зыршаҳаҭуа адокументи рыцзароуп.