Украина Аҵара аминистр Қырҭтәыла украинатәи ахәыҷқәа рыдыларазы иҭабуп ҳәа аиҳәеит
Украина Аҵара аминистр Қырҭтәыла украинатәи ахәыҷқәа рыдыларазы иҭабуп ҳәа аиҳәеит

Украина Аҵара аминистр Сергеи Шкарлот Қырҭтәыла украинатәи ахәыҷқәа рыдыларазы иҭабуп ҳәа аиҳәеит.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, аибашьраан Қырҭтәыла Украина адгылара ду азаанарԥшит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иӡбарала, Грушьевски ихьӡ зху Қарҭтәи 41-тәии Баҭымтәи 20-тәи абжьаратә школқәа рҿы украинатәи асекторқәа аԥҵан, уа украинатәи ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵара аиура рылшоит.

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ахәыҷқәа  ирмариоу арежимла  ашколқәа рҭаҵара апроцесс еиқәнаршәоит. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Қарҭи арегионқәеи рҿы ашколқәа ирҭоуп  1000-ҩык ашколхәыҷқәа рҭаацәа.